Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩи, анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи напхгара рхаҭарнакцәеи, адипкорпус ахаҭарнакцәеи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьраан иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи напхгара рхаҭарнакцәеи, адипкорпус ахаҭарнакцәеи Мухаҭгверди Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьраан иҭахаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит. Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра ҟалеижьҭеи 16 шықәса ҵит.
„Иахьа аибашьра иалаӡыз афырхацәа рыхьӡқәа патуқәҵарала иаҳгәалаҳаршәеит. Арҭ арыцҳара ду амшқәа ҳаззегьы ибзиаӡаны иҳгәалашәоит, иара убас ҳаруаа фырхацәа рфырхаҵара дугьы ахаан иаҳхашҭӡом. Урҭ Қырҭтәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылара акәын гәҭакыс ирымаз. , Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ҭынч мҩала хымԥада еиҭашьақәгылоит, афырхацәа гәҭакыс ирымаз хымԥада нагӡоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.