Иракли Кобахиӡе  Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистрра афинанстә адгылара ала аԥхынтәи алагер аҿы зыԥсы зшьо украинатәи аҵаҩцәа дырԥылеит
Иракли Кобахиӡе Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистрра афинанстә адгылара ала аԥхынтәи алагер аҿы зыԥсы зшьо украинатәи аҵаҩцәа дырԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Қырҭтәылa Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистр Гьаргь Амилахварии Қырҭтәылa Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистрра афинанстә адгылара ала аԥхынтәи алагер аҿы зыԥсы зшьо украинатәи аҵаҩцәа дырԥылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ахәыҷқәа драцәажәан, уаххьаҿы идикылеит.

Алагер рашәара 15-19 рзы Украинантә иаҭааз аҵаҩцәеи амилаҭтә гаврдиа арратә маҵзуҩцәа рхәыҷқәеи рыднакылоит.

Актәи аетап аҿы асасцәа Харьков ақалақь аҟынтә иаҭааит, урҭ Қырҭтәыла аԥыза-министр асиволтә ҳамҭақәа изаарган, аукраин бызшәеи ақырҭуа бызшәеи рыла ашәақәа нарыгӡеит.

Украинатәи аҵаҩцәа ҩымчыбжь ирылагӡаны еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рхы аладырхәоит, ахәыҷқәа рзы аекскурсиақәа мҩаԥгахлит.

Ԥхынгәы 5-19 рзы аҩбатәи агәыԥ Киев аҟынтә иаҭаауеит.