Иракли Кобахиӡе – Зыҧсҭазаашьа цәгьаз  600 аҭаацәарақәа иахьа ауада ҿыцқәа роуеит, атәылауаа реиҷаҳара – ҳаҧхықәра хадоуп, иахьатәи амшгьы уи аанарҧшуеит
Иракли Кобахиӡе – Зыҧсҭазаашьа цәгьаз  600 аҭаацәарақәа иахьа ауада ҿыцқәа роуеит, атәылауаа реиҷаҳара – ҳаҧхықәра хадоуп, иахьатәи амшгьы уи аанарҧшуеит

«Зҵакы дуу абри апроект ахыркәшара шәыдысныҳәалар сҭахуп. Зыҧсҭазаашьа цәгьаз  600 аҭаацәарақәа иахьа  600 анхарҭа ҿыцқәа роуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Баҭым,  «Агәахәтәы ақалақь» аҿы инхо аҭаацәарақәа ауадақәа рыҭара ацеремониаҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, иахьатәи амшгьы ибзианы иаанарҧшит атәыла аиҳабыра руааҧсыра, рыжәлар ишрызныҟәо.

«Зҵакы дуу абри ажәабжь бзиа шәыдысныҳәалар сҭахуп, араҟа  800ҩык ахәыҷқәагьы иҟоуп, уи ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп. Иахьтатәи амш ибзианы иаанарҧшит атәыла аиҳабыра рыжәлар, руааҧсыра ишрызныҟәо. Ҳәарада, ҳуааҧсыра реиҷаҳара  – ҳара, атәыла аиҳабыра иҳаду аҧхықәра хадоуп, еиҭасҳәар сҭахуп иахьатәи амш уи ибзиаӡаны иаанарҧшит.  Иахьа  600 аҭаацәарақәа ирыдысныҳәалар сҭахуп. Аха, ари апроект макьана ихыркәшам, даҽа  1000 иреиҳаны аҭаацәарақәа ауадақәа роураны иҟоуп, хара имгакәа ари апроект нагӡахоит. Аҭаацәара цыҧхьаӡа иахәҭоу анхарҭа роуеит, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыреи аиҳабыра рнапхгаҩи ари ахырхарҭала аусура иалагахьеит. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш», — иҳәеит аҧыза-министр.