Иракли Кобахиӡе – Жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиақәа рнапхгаҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа аадырҧшит алхрақәа рлегитимациа иадҳәаланы азҵаарақәа шыҟам, алхрақәа мҩаҧгоуп
Иракли Кобахиӡе – Жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиақәа рнапхгаҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа аадырҧшит алхрақәа рлегитимациа иадҳәаланы азҵаарақәа шыҟам, алхрақәа мҩаҧгоуп

«Жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиақәа рнапхгаҩцәа рпресс-конференциаҿы ирҳәаз  ҳаҳаит, дара иҟарҵаз аҳәамҭақәа аадырҧшит алхрақәа рлегитимациа иадҳәаланы азҵаарақәа шыҟам, алхрақәа мҩаҧгоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, алхрақәа рҿы аконкуренциа иҟан, урҭ алхратә принципқәа ирышьашәалан.

«Иара убас, ажәахәҟаҵаҩцәа атермин ҷыдақәа рхы иадырхәон, иаҳҳәап, иалху анапхгара ианалацәажәоз, уи алагьы иубарҭоуп алхрақәа рлегитимациа иадҳәаланы азҵаарақәа шыҟам. Амиссиақәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳара жәабран инаркны рааҧхьара ҳалагеит, анаҧшцәа рзы ҳаартын. Алхрақәа мҩаҧгоуп», — иҳәеит  Кобахиӡе.