Иракли Кобахиӡе - Жәларбжьаратәи партниорцәа апозициақәа рзааигәахаразы вето апроцедура рхы иадырхәарц рыдаҳгалеит, аха Саломе Зурабишвили адискуссиақәа рқәыԥшылара аркра лыӡбеит
Иракли Кобахиӡе - Жәларбжьаратәи партниорцәа апозициақәа рзааигәахаразы вето апроцедура рхы иадырхәарц рыдаҳгалеит, аха Саломе Зурабишвили адискуссиақәа рқәыԥшылара аркра лыӡбеит

«Жәларбжьаратәи партниорцәа апозициақәа рзааигәахаразы вето апроцедура рхы иадырхәарц рыдаҳгалеит, аха Саломе Зурабишвили адискуссиақәа рқәыԥшылара аркра лыӡбеит», — иахьатәи аиҳабыра реилатәараҿ иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, аоппонентцәа азакәан ахцәажәара рҭахым.

«Изныкымкәа ҳҳәахьеит «Атәым нырра аартызаара иазку» азакәан ауааԥсыра 60% иреиҳаны шадгыло. Иҳәынҭйарратәым аиҿкарақәа раартызаара иадгылоит ауааԥсыра 60% иреиҳаны. Ауааԥсыра 80% иреиҳаны аартызаара аидеиа иадгылоит. Ауааԥсыра ргәаанагара иазыԥҳьагәаҭатәуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Аоппонентцәа азакәан ахцәажәара рҭахым. Апарламент аҿы адискуссиа, адебатқәа анымҩаԥысуаз, аоппонентцәа уи шаҿагылоз иубарҭан. Жәларбжьаратәи партниорцәа апозициақәа рзааигәахаразы вето апроцедура рхы иадырхәарц рыдаҳгалеит, аха Саломе Зурабишвили адискуссиақәа рқәыԥшылара аркра лыӡбеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.