Иракли Кобахиӡе Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани диҧылеит  
Иракли Кобахиӡе Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани диҧылеит  

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани диҧылеит.

Аиҧылараҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала атәылаҿ аҭагылазаашьеи уи иадҳәалоу актуалтә зҵаарақәеи ирылацәажәеит.

Аомбудсмен аиҳабыра рнапхгаҩы диацәажәеит  иусура ахадаратә хырхарҭақәеи апроблемақәеи ирызкны.

Иракли Кобахиӡе Жәлар рыхьчаҩ иусура аҵакы ду азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра аомбудсмен ибжьагарақәа рыхшыҩ азыршьҭуеит, уи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара астандарт аиҕьтәра иацхраауеит.