Иракли Кобахиӡе -  Жьҭаара 26 рзы ҳтәылазы ахадаратә ҵакы змоу ареферендум мҩаҧгахоит, уи аҿы аҭынчра аиааира агароуп, аҭынчреи Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш лашеи хымҧада аиааира ргоит
Иракли Кобахиӡе -  Жьҭаара 26 рзы ҳтәылазы ахадаратә ҵакы змоу ареферендум мҩаҧгахоит, уи аҿы аҭынчра аиааира агароуп, аҭынчреи Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш лашеи хымҧада аиааира ргоит

Ҳара зҵакы дуӡӡоу апарламенттә алхрақәа ҳзыҧшуп, арҭ алхрақәа   2012 шықәсатәи алхрақәа  ирымаз аҵакы рымоуп, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхратә штаб анапхгаҩы, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Амбролаури данықәгылоз.

„Шәызынтәгьы ибзианы ишәгәалашәоит  2012 шықәсатәи алхрақәа Қырҭтәылазы ҵакыс ирымаз. Усҟан ақырҭуа жәлар адемократиеи, ахақәиҭреи, апрогмативтә политикеи алырхит, абри зегьы абзоурала, ҳтәылаҿ зҵакы дуӡӡоу аиҭакрақәа ҟалеит“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Иара убас, аҧыза-министр ишиҳәаз ала, иҳаҩсыз 12 шықәса рыла атәылаҿ акрызҵазкәа аихьӡарақәа иҟан.

„Ихьанҭаӡоу апроблемақәеи ақәыҕәҕәара ҕәҕәеи  шыҟазгьы, ҳара, еиҧҟьарада, 12 шықәса рыҩныҵҟа аҭынчра ахьчара ҳалшеит. Қырҭтәыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны иахьанӡа,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаан мацароуп атәылаҿ аибашьра аныҟамыз. Ауаа рышьреи, рыргәаҟреи, гәымбылџьбарала рызныҟәареи асистематә практика аҵыхәа ҧаҳҵәеит, абизнеси амедиеи рхақәиҭра еиқәҳаршәеит,  зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа мҩаҧысуеит; Қырҭтәыла аекономика   28 миллиард лари аҟынтә  80 миллиард аҟынӡа иазҳаит. Убри абзоурала, аҳәынҭқарратә биуџьетгьы хынтә иазҳаит. „Ақырҭуа гәахәтәы“ ашьҳаракыратә регионқәа ирықәынхо ауааҧсыра рзы  зеиҧшҟамлац  адгыларатә программа мҩаҧнагоит, амуниципалитетқәа зегьы руааҧсыра акыршықәса рыҩныҵҟа ари апрограмма рхы иадырхәоит.  Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчаратә программа ҳалагеит, ауааҧсыра рсоциалтә цхыраара апакет иаҳа еиҕьхеит. Ашколқәеи, амҩақәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, егьырҭ аинфраструктуратә обиектқәеи рыргылара аццакра иацлеит, аспорт аусхкы иаҳа ирацәаны аҧара азоушьҭуп, ҳспортсменцәа ҳтәыла изакәытә қәҿиарақәоу иазааргаз жәдыруеит, рызынтәгьы уи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит. Ақыҭанхамҩатә программақәа есышықәса 300 миллион лари еиҳаны ирзоуҳажьҭуеит, уи абзоурала, ақыҭанхамҩатә сектор ақәҿиара дуқәа аиуит. Атәылаҿ аусурҭадара арбага маҷхеит; 700 нызқьҩык раҟара ҳтәылауаа аҕарра иалҵит. Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылас иҟалеит“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҿиара нагӡахароуп.

„Жьҭаара 26 ҳара иҳамшуп, жьҭаара  26 рзы аҭынчреи Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш лашеи хымҧада аиааира ргоит“, – иҳәеит Кобахиӡе.