Иракли Кобахиӡе  - Жьҭаара 26 рзы, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, аномер 41 иаҳшәып, ҳтәыла аҧштәы ахаҳҵап,  „Ақырҭуа гәахәтәи“ Қырҭтәыла аҧеиҧш лашеи алҳхып
Иракли Кобахиӡе  - Жьҭаара 26 рзы, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, аномер 41 иаҳшәып, ҳтәыла аҧштәы ахаҳҵап,  „Ақырҭуа гәахәтәи“ Қырҭтәыла аҧеиҧш лашеи алҳхып

Жьҭаара 26 рзы, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, аномер 41 иаҳшәып, ҳтәыла аҧштәы ахаҳҵап,  „Ақырҭуа гәахәтәи“ Қырҭтәыла аҧеиҧш лашеи алҳхып, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ алхратә штаб анапхгаҩы, аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе апартиа алхраҧхьатәи акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны Қәҭешь имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Кобахиӡе иҳәамҭала,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аиааира ахадаратә ҵакы змоу 2 ҳасабтәк рынагӡара – аҕарра аҵыхәанӡа аҧыхреи аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи азы агарантиа заҵәуп.

„„Ақырҭуа гәахәтәы“ аиааира ахадаратә ҵакы змоу 2 ҳасабтәк рынагӡара – аҕарра аҵыхәанӡа аҧыхреи Қырҭтәыла  аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи азы агарантиа заҵәуп. Уи ҳқырҭуа гәахәтәуп, агәра ганы сыҟоуп уи шынагӡахо.   Жьҭаара 26 рзы, ҳазынтәгьы ҳаидгыланы, аномер 41 иаҳшәып, ҳтәыла аҧштәы ахаҳҵап,  „Ақырҭуа гәахәтәи“ Қырҭтәыла аҧеиҧш лашеи алҳхып. 26 ҳара иҳамшуп, жьҭаара ҳара иҳамзуп, жьҭаара  26 рзы хымҧада аиааира ҳгоит, Қырҭтәыла хымҧада аиааира агоит. Абри ақалақь ҧшӡеи, ари арегион ҧшӡеи, инеизакны Қырҭтәылеи  Анцәа дахылаҧшааит“, – иҳәеит Кобахиӡе.