Иракли Кобахиӡе - Зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит ҳтәылеи, ҳажәлари, ҳтәыла анапхгареи ииашаны ирызныҟәарц, Евроеидгыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара иазхәыцырц
Зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит апрогмативтә хықәкқәа иазҧхьагәаҭаны, рызнеишьа еиҭахәаҧшырц, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Каиа Калласи Марта Коси иҟарҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.
Кобахиӡе иҳәамҭала, абри аҩыза азнеишьала, Евроеидгыла ииашам ахырхарҭала ицоит.
„Адиалог ҳәа излацәажәо сзеилкаауам, дара рхаҭа роуми аоппозициатә партиақәа апарламент иалҵырц азыҳәан арзаҳалқәа рыҩра рыдызҵаз. Убри ашьҭахь изакәытә диалогу излацәажәо. Аоппозициатә партиқәа апарламент иалҵырц иҟарҵеит, уажәы арҭ апартиақәа рҟны адиалог мҩаҧгатәуп ҳәа ҳарҳәеит. Уи иахысҳәааша сыздырӡом. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ҳрылацәажәозар, аконкреттә мчқәа урҭ рхы иадырхәоит Қырҭтәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкааразы. Ареволиуциа аиҿкаара шрылымшаз уи зегьы ирбеит. Зегьы ибзиаӡаны ирбоит, аха, уажәы, хәыҷык аекономикатә азҳара ҳзаҧырхагозар ҳәа ихәыцуеит. Ҳәарада, уи азгьы алшара раҳҭом.
Зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит ҳтәылеи, ҳажәлари, ҳтәыла анапхгареи ииашаны ирызныҟәарц, Евроеидгыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара иазхәыцырц, апрогмативтә хықәкқәа иазҧхьагәаҭаны, рызнеишьа еиҭахәаҧшырц “, – иҳәеит аҧыза-министр.