Иракли Кобахиӡе - Зегьы агәра ргеит ақырҭуа ҳәынҭқарра зеиҧшҟамлац ала ишыҕәҕәоу, аӡәгьы иарбанзаалак ашантажла ҳҳәынҭқарра арҧсыҽра шилымшо
Зегьы агәра ргеит ақырҭуа ҳәынҭқарра зеиҧшҟамлац ала ишыҕәҕәоу, аӡәгьы иарбанзаалак ашантажла ҳҳәынҭқарра арҧсыҽра шилымшо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Аҧыза-министр иҳәамҭала, аоппозициа ахаҭарнакцәа ақалақь амҩақәа рҿы аибашьра аимитациа еиҿыркааит, аха, ари аимитациа алҵшәа ахылымҵит, Қырҭтәылаҿ „анацмаидан“ аиҿкаара аидеиа рзынарымгӡеит.
„Иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟалаз ахҭысқәа даҽазнык срыхцәажәар сҭахуп. Зегьы агәра ргеит ақырҭуа ҳәынҭқарра зеиҧшҟамлац ала ишыҕәҕәоу, аӡәгьы иарбанзаалак ашантажла ҳҳәынҭқарра арҧсыҽра шилымшо.
Арадикалтә оппозициа Қырҭтәылаҿ „анацмаидан“ еиҿыркаар рҭахын. Уи еиҳангьы, ақалақь амҩақәа рҿы аибашьра аимитациа мҩаҧыргеит, аха, ари аимитациа алҵшәа ахылымҵит, Қырҭтәылаҿ „анацмаидан“ аиҿкаара аидеиа рзынарымгӡеит.
Аҵыхәтәантәи ҧшьышықәса рыла атәылаҿ Маидан аиҿкаара 4 ҽазышәарак иҟан, аха, рыҧшьбагьы аҳәынҭқарра аҟынтә иахәҭаз аҭак роуит“, – иҳәеит аҧыза-министр.