Иракли Кобахиӡе  - Хшыҩзышьҭра зегьы Украинеи Молдовеи рахь ахы рхоуп
Иракли Кобахиӡе  - Хшыҩзышьҭра зегьы Украинеи Молдовеи рахь ахы рхоуп

 

«Ҳара зегьы рыла аукраин жәлар ҳрыдгылоит,  уи убарҭоуп аформатқәа зегьы рҿы, аха, рыцҳарас иҟалаз, Украина анапхгара  ақырҭуа напхгара ирҿагыланы аконфронтациатә шьаҿақәа ҟарҵоит, убри аҟынтә, аофициалтә форматқәа ҳазрылахәом», — иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иҳәамҭала, аукраин жәлари Украина анапхгара рхымҩаҧгашьеи еиҧшым.

«Еиҭасҳәар сҭахуп, Украина анапхгара  ахаҭарнакцәа  —  аргәаҟра, ауаҩшьра уҳәа, гаӡарас иҟоу зегьы ҳхарарҵоит,  абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы форматқәак рылахәызаара уадаҩуп.  Абасоуп алабҿабара шыҟоу. Абри зегьы даараӡа иуадаҩуп.

Ҳәарада, иахьа Украина азҵаароуп актуалра змоу, избанзар уаҟа аибашьра мҩаҧысуеит. Уи даараӡа ихьанҭоуп.  2008 шықәсазы ҳара актуалра ҳаман. Украина анапхгара ишырҭахыз еиҧш аҩбатәи афронт ааҳартызҭгьы, ҳаргьы актуалра ҳамазаауан. Аха, Қырҭтәыла ҭынчроуп, убри аҟынтә, хшыҩзышьҭра зегьы Украинеи Молдовеи рахь ахы рхоуп. Молдовагьы аҭагылазаашьа цәгьоуп,  2% аекономикатә азҳареи  30% аинфлиациеи рымоуп. Молдова ауааҧсыра реиҳара Урыстәыла иадгылоуп, убри аҟынтә, Молдова хшыҩзышьҭра ҷыда амоуп.

Ҳара ҳҿы ҭынчроуп, уи ҳнапхгара ирыбзоуроуп. Атәылаҿ аибашьра аныҟам ауп инҭынчроу», — иҳәеит  Кобахиӡе.