Иракли Кобахиӡе - Хазараӡеи Џьаҧариӡеи ақырҭуа ҳәынҭқарра аҿагыларазы жәларбжьаратәи арбитраж рхы иадырхәар рҭахын, аха, аиашареи ииашоу апҟарақәа ирықәныҟәо аҳәынҭқарреи аиааира ргеит
«Хазараӡеи Џьаҧариӡеи ақырҭуа ҳәынҭқарнра аҿагыларазы жәларбжьаратәи арбитраж рхы иадырхәар рҭахын, аха, аиашареи ииашоу апҟарақәа ирықәныҟәо аҳәынҭқарреи аиааира ргеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи адистанциақәа рҿы изныкымкәа Қырҭтәыла иазашшахьеит.
«Бжеиҳарала, уи Старсбургтәи аӡбарҭа иадҳәалан. Иаҳҳәап, абарҭ аусқәа – «Русҭави 2 Қырҭтәыла иаҿагыланы», «Саакашвили Қырҭтәыла даҿагыланы», «Угулава Қырҭтәыла даҿагыланы» уҳәа, убас егьырҭгьы. Жәларбжьаратәи арбитражаҿ «Хазараӡе -Џьаҧариӡе Қырҭтәыла иаҿагыланы» аус иахәаҧшуан. Ари аус аҿгьы аҳәынҭқарра аиааира агеит, избанзар — аҳәынҭқарра иҟанаҵо зегьы апҟарақәа рышьаҭала иҟанаҵоит. Қырҭтәыла ари апрактика аларҵәара аиуит 2012 шықәса инаркны. Жәларбжьаратәи аӡбаратә инстанциақәа зегьы рҿы «Амилаҭтә ҵысреи» Қырҭтәыла ахаҭарнакцәеи реимакқәа зегьы рҿы аҳәынҭқарра аиааира агеит. Хазараӡеи Џьаҧариӡеи ақырҭуа ҳәынҭқарра аҿагыларазы жәларбжьаратәи арбитраж рхы иадырхәар рҭахын, аха, аиашареи ииашоу апҟарақәа ирықәныҟәо аҳәынҭқарреи аиааира ргеит», — иҳәеит аҧыза-министр ателеканал «Имеди» аефираҿ.
Уажәааны Жәларбжьаратәи арбитражтә аӡбарҭа Анаклиатәи абаҕәаза иадҳәаланы Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи иаларҵаз ашшыҧхьыӡ ахәаҧшразы аднамкылеит.