Иракли Кобахиӡе Урсула фон Лаиен Еврокомиссиа ахадас дахьалырхыз лыдиныҳәалеит
Иракли Кобахиӡе Урсула фон Лаиен Еврокомиссиа ахадас дахьалырхыз лыдиныҳәалеит

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  Урсула фон Лаиен Еврокомиссиа ахадас дахьалырхыз лыдиныҳәалеит.

„ Урсула фон Лаиен Еврокомиссиа ахадас даҽазнык лалхра лыдысныҳәалоит. Ҳусеицура анагӡареи Қырҭтәыла еивроинтеграциа арӷәӷәареи сырзыԥшуп”, – иҩит Иракли Кобахиӡе асоциалтә каҭа Х аҿы.

Урсула фон Лаиен Еврокомиссиа ахадас иҩынтәны далырхит. Урсула фон Лаиен Еврокомиссиа ахадас лалхра иадгылеит 401-ҩык европарламентарцәа, иаҿагылеит 284-ҩык, рпозициа аадмырԥшит 15-ҩык.