Иракли Кобахиӡе - Украинатәи аган ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Урыстәыла цәҟьарас аарԥшра ахьырҭаху ҳаргәамҵуеит
Иракли Кобахиӡе - Украинатәи аган ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Урыстәыла цәҟьарас аарԥшра ахьырҭаху ҳаргәамҵуеит

Украинатәи аган ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Урыстәыла цәҟьарас аарԥшра ахьырҭаху ҳаргәамҵуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр иҭыԥ ахь акандидат Иракли Кобахиӡе.

Аԥыза-министр иҭыԥ ахь акандидат иажәақәа рыла, зегь еилкаатәуп.

„Украинатәи аган ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Урыстәыла цәҟьарас аарԥшра ахьырҭаху ҳаргәамҵуеит. Ари ала даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит Украинатәи анапхгара ачинҳаракҩцәа ҳтәылаҿ аҩбатәи афронт аартра шырҭаху. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аланарҵәаз адыррақәа ари шьақәдырӷәӷәоит“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, Аконтртеррористтә центр имҩаԥнагаз аоперативтә-усԥшааратә уснагӡатәқәа раан иҷыду артҟәацгақәеи аԥжәаратә маҭәашьарқәеи рацәаны рыԥшааит. Артҟәацгақәа апластикатә аԥжәаратә маҭәашьар С-4 иалан, уи артҟәацра ҟалоит аелектро детонатори иҷыдоу атаимери рыла. Аԥжәаратә маҭәашьар 14 кг икапануан. Аконтеинерқәа ирҭан 6 детонаторки иҷыдоу ацаԥхақәеи.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, артҟәацгақәа Қырҭтәыла аагареи, аиагареи, контеинерк Урыстәылатәи Афедерациа ахырхарҭала атранзиттә аиагареи, Қырҭтәыла аҳҭнықалақь аҿы аҵәахреи бжьҩык Қырҭтәыла атәылауааи, хҩык Украина атәылауааи, Шәамахьтёылаҩыџьа атәылауаа ирхылаԥшуан. Аус иазку аматериалқәа рҿы ишану ала, апроцесс дахылаԥшуан Украина атәылауаҩ, 2020 шықәсаз Одессатәи аобласт аҭыԥантәи Рада Киевтәи араион аҟынтә адепутатрахь апартиа “Жәлар рмаҵзуҩы” акандидат Андреи Шарашиӡе.