Апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе апарламент аилатәараҿ украина ажәлар даҽазнык адгылара рхааирԥшит.
Кобахиӡеи иажәақәа рыла, ақырҭуааи украинааи азеиԥш ҭоурых ду рымоуп.
“Аиҩызаратә украинатәи ажәлар рыдгылара даҽазнык аасырԥшыр сҭахуп. Ҳҩызцәа ахьыԥшымреи, ахақәиҭреи рзы ишықәԥо иаабоит. Ари ақәԥараҿ ақырҭуа жәлар украинаа шрыдгыло иубарҭоуп. Ҳара ҳаиҩызара аҭоурых ду амоуп, аемоциатә аимадара ҷыда ҳамоуп украинаа рҟны, убри аҟынтә урҭ рхьаа ҳаргьы иаҳхьаауп. Ҳара ҳҭакԥхықәра, ҳуал хада роуп Украина ауси ажәалеи адгылара,” – иҳәеит Кобахиӡе.