Иракли Кобахиӡе - Украина аҭагылазаашьа даараӡа ҳаргәамҵуеит, ҳара ахҭысқәа ҳрыцклаҧшуеит, урҭ инрықәыршәаны иахәҭоу аӡбара ҳадаҳкылоит
«Украина аҭагылазаашьа даараӡа ҳаргәамҵуеит, аескалациа ашәарҭара дууп», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
«Ҳара ҳхықәкы хада — аибашьра аламгара апроцесс аҿы алагала аҟаҵароуп, уи мариам. Жәларбжьаратәи ауаажәларрагьы уи иазҿлымҳазароуп. Ҳара ахҭысқәа ҳрыцклаҧшуеит, авизит аума, аҳәамҭа аҟаҵара аума, иахәҭоу аӡбара ҳадаҳкылоит ахҭысқәа инрықәыршәаны. Арезолиуциа ала ҳпозициа ааҳарҧшит», — иҳәеит Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, иаҭаххар, Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ршәарҭадара еиқәыршәазаауеит.