Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе уаҵәы, хәажәкыра 25 рзы, аофициалтә визитла Шәамахьтәылатәи Ареспублика ашҟа ддәықәлоит.
Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациала, Шәамахьтәылатәи Ареспублика аиҳабыра ррезиденциаҿ аԥылара аофициалтә церемониа мҩаԥгахоит. Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Шәамахьтәылатәи ареспублика аԥыза-министр диԥылоит
Апланқәа ирылоуп Иракли Кобахиӡеи Никол Ԥашиниани ишиашоу реиԥылара амҩаԥгара, уи ашьҭахь аганқәа ирҭбаау аформат аҿы еиԥылоит. Аиԥлара ашьҭахь аԥыза-министрцәа аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи Ареспублика ахала Ваҳагн Хачатуриан диԥылоит.
Аԥыза-министр дызхагылоу Қырҭтәыла аделегациа иалоуп актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гьаргь Амилахварии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.