Иракли Кобахиӡе - Вильниустәи асаммит акоммиунике атекст ҳаззыҧшыз алҵшәа иашьашәалоуп
Бухаресттә асаммит акоммиунике атекст акырӡа идырҭбаап ҳәа ҳазыҧшымызт. Вильниустәи асаммит акоммиунике атекст ҳаззыҧшыз алҵшәа иашьашәалоуп, – иҳәеит апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Актәи аканал аефираҿ.
Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, Вильниустәи асаммит акоммиунике атекст ала, Украинеи Қырҭтәылеи рзы астатус-кво аанрыжыьит.
„Атекст адура ҳахәаҧшыр, Украина иазыркыз атекст иаҳа идууп, аха, аҵакы ҳахәаҧшыр, изакәызаалак аиҧшымрак иҟам. Астатус-кво аанрыжьит. Атекст аҿы Урыстәыла иадҳәаланы иаҵшьын иазгәаҭан украинатәи еибашьра ашьҭахь апартниортә еизыҟазаашьақәа шыҟамло, аха, аконфронтациагьы шырҭахым. Абасоуп алабҿабара шыҟоу.
Қырҭтәыла иадҳәаланы иҟаҵаз анҵамҭаҿ ишьақәырҕәҕәоуп Бухаресттәи асаммит аӡбара амч шамоу, наҟ-наҟ Қырҭтәыла хымҧада НАТО алахәылас ишыҟало, аха, ианба, ишҧа, уи азы акгьы рҳәом. Украиназгьы абасҵәҟьоуп ишырҳәаз“, – иҳәеит Кобахиӡе.
Иара иажәақәа рыла, НАТО алахәылацәа Украина иадҳәаланы ишырҳәаз ала, Украина аҳәарақәа зегьы нанагӡароуп, насгьы, НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы, 32 ҳәынҭқарра, еиқәшаҳаҭхароуп Украина НАТО иалалар шырҭаху азы.
„Атекст адура ҳахәаҧшыр, Украина иазыркыз атекст иаҳа идууп, аха, аҵакы ҳахәаҧшыр, изакәызаалак аиҧшымрак иҟам. Астатус-кво аанрыжьит. Атекст аҿы Урыстәыла иадҳәаланы иаҵшьын иазгәаҭан украинатәи еибашьра ашьҭахь апартниортә еизыҟазаашьақәа шыҟамло, аха, аконфронтациагьы шырҭахым. Абасоуп алабҿабара шыҟоу. Атекст адура ҳахәаҧшыр, Украина иазыркыз атекст иаҳа идууп, аха, аҵакы ҳахәаҧшыр, изакәызаалак аиҧшымрак иҟам. Астатус-кво аанрыжьит. Атекст аҿы Урыстәыла иадҳәаланы иаҵшьын иазгәаҭан украинатәи еибашьра ашьҭахь апартниортә еизыҟазаашьақәа шыҟамло, аха, аконфронтациагьы шырҭахым. Абасоуп алабҿабара шыҟоу“ – иҳәеит Кобахиӡе.