Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Евроеидгыла ахеилак аҿы ахантәаҩра змоу атәыла, Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан диҧылеит.
Ишиашо аформатла имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Венгриеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицуреи иалацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан Венгриа Евроеидгыла ахеилак аҿы ахантәаҩра анамоу аамҭазы абри авизит иамоу аҵакы ду. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, ари авизит ишьақәнарҕәҕәоит Венгриа Қырҭтәылазы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа ишрыдгыло. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгылахь аинтеграциа Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикаҿы аҧыжәара змоу аҳасабтәқәа иреиуп. Иракли Кобахиӡе Виктор Орбан евроинтеграциа апроцессаҿ адгыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит Венгриа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара апроцессаҿ ароль ҷыда шынанагӡаз.
Ишиашо аиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа инагӡан ирҭбаау аформатаҿ. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура иаҵанакәа аконкреттә инициативақәа ирыхәаҧшит, урҭ рыбжьара, ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа рырҭбаарагьы. Иаҵшьны иазгәаҭан Венгриаҟны ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аҵакы. Ари аганахьала ҷыдала иалкаан аинвестициатә усхкы аҿы Қырҭтәылеи Венгриеи рыбжьара аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра.
Аганқәа рхаҭарнакцәа атуризм аусхкы аҿы аусеицуреи ари ахырхарҭала иҟоу адинамика бзиеи иалацәажәеит. Иара убас, Қырҭтәылеи Венгриеи еицынаргыӡаз апроектқәа ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект аҵакы, аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала, абри аҩыза апроектқәа наҟ-наҟгьы хшыҩзышьҭра ду рымазаауеит.