Иракли Кобахиӡе Вани амуниципалитет Зеиндари ақыҭан ирҽеиу аҳәынҭқарратә школ ааиртит
Иракли Кобахиӡе Вани амуниципалитет Зеиндари ақыҭан ирҽеиу аҳәынҭқарратә школ ааиртит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Вани амуниципалитет Зеиндари ақыҭан ирҽеиу аҳәынҭқарратә школ ааиртит. Аиҳабыра рнапхгаҩы дицын аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Алеқсандр Ҵулаӡе.

Алеқсандр Ҵулаӡе аиҳабыра рнапхгаҩы аҵаратә инфраструктура иирбан, имҩаҧгоу аусурақәа ирызкны инарҭбаау аинформациа ииҭеит. Аҧыза-министри аҵара аминстри арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу ақәыҧшылараҿы аҵара анагӡара рыдырныҳәалеит. Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, ашколтә инфраструктура арҿиара Қырҭтәыла аиҳабыра рҧыжәара хадақәа иреиуп, ари ахырхарҭала активла аусура нарыгӡоит.

Ашколаҿ, аҵаратә қәыҧшыларақәа инарываргыланы, аҧсабараҭҵааратәи акомпиутертәи лабораториақәеи, аспортзали, аизарҭа зали, абиблиоҭекеи, аҳақьым иуадеи, аресурсуадеи, иара убас, аспорттә ашҭеи еиҿкаауп.Уаҟа зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәыршәоуп – алифти, асанеибаркыреи, апандуси еиҿкаауп.

Уажәазы ашкол аҵакырадгьылаҿ адәахьытә ашҭа аиҿкаара иаҿуп, уи жәабран анҵәамҭаз ихдыркәшоит.

200ҩык аҵаҩцәа рзы иазҧхьагәаҭоу Зеиндартәи абжьаратә школ аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧнагеит Аҵаратәи аҵарадырратәи инфраструктура аҿиара агентра.
Апроект иазоушьҭуп 3 404 429 лари.