Иракли Кобахиӡе UFC ачемпион Илиа Ҭоԥуриа диԥылеит
Иракли Кобахиӡе UFC ачемпион Илиа Ҭоԥуриа диԥылеит

Қырҭтәылаҟа  аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе UFC ачемпион Илиа Ҭоԥуриа диԥылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аспортсмен аиааира идиныҳәалан, Қырҭтәылеи ақырҭуа ажәлари рзы иара иигаз аиааира аҵак ду шамлу иазгәеиҭеит. Иракли Кобахиӡе Илиа Ҭоԥуриа наҟ-наҟтәи ипланқәа рызкны диазҵааит.

Ачемпион даниацәажәоз, аԥыза-министр иазгәеиҭеит Ҭоԥуриа Қырҭтәыла атәылауаҩра имазаара аҵакы. Аиҳабыра рнапхгаҩы Аиустициа аминистрреи ахадеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Илиа Ҭоԥуриа Қырҭәыла атәылауаҩра анашьаразы ирылшо зегь ҟарҵарц.

UFC  ақырҭуа чемпион  Илиа Ҭоҧуриа Қырҭтәыла даҭааит Қырҭтәылаҟа дааит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иааҧхьарала.