Иракли Кобахиӡе - Цәыббра 27 Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ ихьанҭаӡоу амшқәа иреиуп. Иаку Қырҭтәыла иазықәҧоз афырхацәа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, агәра ганы сыҟоуп ргәахәтәы хымҧада ишынагӡахо
Иракли Кобахиӡе - Цәыббра 27 Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ ихьанҭаӡоу амшқәа иреиуп. Иаку Қырҭтәыла иазықәҧоз афырхацәа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, агәра ганы сыҟоуп ргәахәтәы хымҧада ишынагӡахо

Цәыббра 27 Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ ихьанҭаӡоу амшқәа иреиуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориалаҿ даныҟаз.

Аиҳабыра рнапхгаҩи, аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, аиҳабыра алахәылацәеи Аҟәа акаҳара инаркны 31 шықәса аҵра инамаданы, амемориалаҿ ашәҭқәа шьҭарҵан, иҭахаз ауааҧсыра ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

„Цәыббра 27 Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ ихьанҭаӡоу амшқәа иреиуп. Иахьа ҳара ҳтәыла, ҳаҧсадгьыл зхы ақәызҵаз, иаку Қырҭтәыла аидеиа зхы ақәызҵаз афырхацәа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит. Арҭ афырхацәа иаку Қырҭтәыла иазықәҧон, агәра ганы сыҟоуп ргәахәтәы хымҧада ишынагӡахо“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.