Иракли Кобахиӡе Словакиеи, Ефиопиеи, Ирландиеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа дырҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Словакиеи, Ефиопиеи, Ирландиеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа дырҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Словакиеи, Ефиопиеи, Ирландиеи  иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәа дырҧылеит.

Словакиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Константин Қвачакиӡе, Ефиопиатәи афедеративтә демократиатә республикаҿы – Гиа Маҷараӡе, Ирландиа – Софо Қацарава.

Аҧыза-министр адипломатцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Константин Қвачаӡе 2000 шықәса инаркны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аппарат хадеи Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи рҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа ааникылон. Словакиатәи ареспубликаҿы ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵаанӡа, Кипр ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Уаанӡа – Европа Ахеилак аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыҧуаҩс аус иуан.

Гиа Маҷараӡе 1996 шықәса инаркны Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу адипломатиатә миссиақәеи рҿы еиуеиҧшым апозициақәа ааникылон.  2022 шықәса инаркны Ефиопиатәи афедеративтә демократиатә республикаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа адеспанс дыҟан.

Софио Қацарава 2020 шықәса инаркны Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан, 2021-2024 шықәсқәа рзы Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩи Амшынтә аиҿкаараҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнаки рҭыҧқәа аанылкылон. 2016-2019 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла апарламент далахәын, адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет дахантәаҩын. Софио Қацарава зымч наӡоу адеспан адипломатиатә ранг ланашьоуп.