Иракли Кобахиӡе Шигеру Ишиба Иапониа аԥыза-министр иалхра идиныҳәалеит
Иракли Кобахиӡе Шигеру Ишиба Иапониа аԥыза-министр иалхра идиныҳәалеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Шигеру Ишиба Иапониа аԥыза-министр иалхра идиныҳәалан,ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы асоциалтә каҭаҿы алаирҵәаз адныҳәалараҿ ишану ала, Қырҭтәылеи Иапониеи апартниорра ӷәӷәа рыбжьоуп. Иракли Кобахиӡе еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҽы Қырҭтәыла адгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

“Шигеру Ишиба Иапониа аԥыза-министр иалхра идысныҳәалоит, ари аҵак ду змоу аҭыԥ аҿы ақәҿиарақәа изеиӷьасшьоит. Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҽы Иапониа Қырҭтәыла ахьадгылоз иҭабуп ҳәа асҳәоит”, – иҩит Иракли Кобахиӡе.