Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика ахада Ваҳагн Хачатуриан диҧылеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи акыршықәсатәи аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи.
Ишазгәаҭаз ала, астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҭбаареи иацхраауеит.
Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аимадарақәа иаҳа рырҭбааразы иҟоу апотенциали уи инагӡаны ахархәара аҵаки.
Аганқәа рхаҭарнакцәа арегиолнаҿ имҩаҧысуа апроцессқәагьы ирзааҭгылеит.
Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҕәҕәала ишадгыло.
Ирҭбаау аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа.