Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 
Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиан диҧылеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ҩ-тәылак рыбжьара астратегиатә партниорра иазку азеиҧш декларациала иҳәаақәҵоу аусеицура ахырхарҭақәа. Аганқәа рхаҭарнакцәа ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара аганахьала иҟоу апотенциал инагӡаны ахархәара аҵакы иазааҭгылеит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, арегионаҿ аҭагылазаашьеи ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҵакы. Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла, арегионаҿ  ишәарҭам, иҭышәынтәалоу алагылазаара аиқәыршәаразы аконструктивтә диалог ацхраара ишазыхиоу.

Убри адагьы, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа атуризми, акультуреи, аҵареи аусхкқәа рҿы аусеицуреи наҟ-наҟтәи аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура.