Иракли Кобахиӡе - Саломе Зурабишвили ус баша ацәажәара азин лымам, афактқәа лымазар, апрокуратураҿ ицәырылгааит, аха, агәра ганы сыҟоуп афактқәа шлымам, убри аҟынтә, апрокуратурашҟа анеира лзыгәаҕьом
Апрокуратураҿы аусеилыргара мҩаҧгахоит, аӡәы изакәызаалак ашаҳаҭгак имазар, иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы ицәыригароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, аргама изакәызаалак ашаҳаҭагак цәыргам, уажәы апрокуратурашҟа анеиреи ашаҳаҭгақәа рцәыргареи рықәшәоит.
„Апрокуратурашҟа имнеир, аҳәамҭа ҧаршеиқәа ҟарҵоит ҳәа ауп уи иаанаго. Саломе Зурабишвили илызкны ак сҳәар сҭахуп. OBSE/ODHIR аихшьаала ишану ала, Саломе Зурабишвили алхратә принципқәа еилалгон. Қырҭтәылаҿ апарламенттә напхгараҭара асистема амч амоуп, убри аҟынтә, Аконституциа инақәыршәаны, атәыла ахада апартиа далазар ҟалом, лара партиак ма апартиақәа дрыдгыланы алхраҧхьатәи акампаниа аҽалархәра азин лымам.
Саломе Зурабишвили алхратә принципқәа еилалгеит, уи иарбоуп OBSE/ODHIR аихшьаалаҿгьы. Алхрақәа рлегитимациатә кампаниагьы Зурабишвили дахадыргылеит – алхратә принципқәа цәгьала еилазгаз ауаҩы. Саломе Зурабишвили лоума, егьырҭ роума, изакәызаалак ашаҳаҭгак рымазар, иашьашәалоу аусбарҭаҿы ицәырыргааит. Дара баша аҳәамҭақәа ҟарҵозар, аҭакҧхықәра агара рықәшәоит.
Саломе Зурабишвили аҳәынҭқарратә политикатә маҵзураҭыҧ аанылкылоит, лара аҭакҧхықәра ҷыда лыдуп. Саломе Зурабишвили ус баша ацәажәара азин лымам, афактқәа лымазар, апрокуратураҿ ицәырылгааит, аха, агәра ганы сыҟоуп афактқәа шлымам, убри аҟынтә, апрокуратурашҟа анеира лзыгәаҕьом“, – иҳәеит аҧыза-министр.