Иракли Кобахиӡе Робин Данниган дылҧылеит
Иракли Кобахиӡе Робин Данниган дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иеиду Америкатә Штатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Робин Данниган дылҧылеит. 

Аиҧылараҿы аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит хаҭала ацҳаражәҳәаҩ даараӡа пату шлықәиҵо, нас, Америка Аҳәынҭқарратә департамент иацы иаднакылаз аӡбара иадҳәаланы агәынамӡара ааирҧшит. Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла атәылауаа, аполициа аусзуҩцәагьы, асанкциақәеи авизатә аҧкрақәеи рзышьақәыргылоуп.

Ишазгәаҭаз ала, абри аӡбарала, америкатә аган акритикатә аҳәаа иазааигәахеит, абри аҩыза даҽа аӡбарак рыдыркылар, Қырҭтәыла ақырҭуа-америкатә аизыҟазаашьақәа рзы ахатә позициа аиҭахәаҧшра иалагар ауеит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахьӡала ирыдыркылаз аӡбара алхрақәа раҧхьа аоппозициаа ршансқәа реиҕьтәра иазкуп. Аха, уи алҵшәа ахылҵуам, избанзар, ари аӡбара алхрақәа рҿы аоппозициаа ироуа алҵшәазы  анырра аиуам, иара убас, анапхгаратә гәыҧ рыршәара залшом. 

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, анапхгаратә гәыҧ агәра ганы иҟоуп Аҳәынҭқарратә департамент ахьӡала ирыдыркылаз аӡбара Қырҭтәыла ауааҧсыра гәызҭаҵагас ишырзыҟало жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи асуверенитети ҕәҕәала рыхьчаразы. 

Аинформациа Аиҳабыра радминистрациа аланарҵәеит