Иракли Кобахиӡе – Рыцҳарас иҟалаз, аконкреттә хаҿқәа хықәкыла атәылаҿы иҽеим азҧхьагәаҭарақәа раларҵәара рҽазыркит, аха, насыԥны, урҭ ирҳәазгьы, рыгәҭакқәагьы нагӡахом
Иракли Кобахиӡе – Рыцҳарас иҟалаз, аконкреттә хаҿқәа хықәкыла атәылаҿы иҽеим азҧхьагәаҭарақәа раларҵәара рҽазыркит, аха, насыԥны, урҭ ирҳәазгьы, рыгәҭакқәагьы нагӡахом

Ишәгәалашәоазар ҟалап, ҳполитикатә оппонентцәа Қырҭтәыла аекономикатә кризис ҟалоит ҳәа шырҳәоз, ажәлар агәра ддыргар рҭахын атәылаҿы аекономикатә кризис иалагазшәа, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

„Руаӡәы иҳәамҭа ишәгәаласыршәар сҭахуп, ажьырныҳәа  17 рзы иара иҳәеит хымз рышьҭахь адоллар акурс  3.1 лари  аҟынӡа ишьҭыҵуеит ҳәа. Хымз еиҳаны иҵит, аха, Анцәа илҧхала, адоллар акурс  2.75 лари еиҳам. Ҧасатәи аконкреттә политикцәа  аекономика 2 наӡынак  рыла икаҳауеит ҳәа аҳәара иаҿын. Ишыжәдыруа еиҧш, актәи акварталаз 9.3% аекономикатә азҳара ҳамоуп, аинфлиациа 6% ираҟарахоит ҳәа рҳәон. Аинфлиациа иҟазар ауеит, аха, аоптималтә аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иара убас, ашәахтә хашәала аплан нагӡахом ҳәа рҳәон, аха, ишыжәбо еиҧш, актәи акварталаҿ ари аплан  120 миллион лари ала еиҳаны инагӡоуп“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аконкреттә хаҿқәа хықәкыла атәылаҿы иҽеим азҧхьагәаҭарақәеи анигилизми раларҵәара рҽазыркит.