Иракли Кобахиӡе Реџьеп Таип Ердоӷан Ҭырқәтәылатәи Ареспублика 101 шықәса ахыҵра идиныҳалеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Ҭырқәтәылатәи Ареспублика 101 шықәса ҵра идиныҳалеит.
Аиҳабыра рхантәаҩы идныҳәалараҿ ишану ала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ҩганкалтәи еиизыҟазаашьақәа адинамикатә ҿиара иубарҭоуп, ари арегион аҿы алшарақәа ҿыцқәа раԥҵареи астратегиатә ҵакы змоу апроектқәа рынагӡареи рыцхраауеит.
“Ҳаҭыр зқәу Ахада, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика 101 шықәса ҵра гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит, шәареи аиашьаратә аҭырқәа ажәлари аҭынчреи мышхәбаззареи шәзеиӷьасшьоит. Сара гәахәарыла ду ала иазгәасҭарц сҭахуп Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара ҩганкалтәи еиизыҟазаашьақәа адинамикатә ҿиара иубарҭоуп, ари арегион аҿы алшарақәа ҿыцқәа раԥҵареи астратегиатә ҵакы змоу апроектқәа рынагӡареи рыцхраауеит. Сара Ҭырқәтәыла ҭабуп ҳәа асҳәоит Қырҭтәыла атерриториалтә еизакреи асуверенитети евроатлантикатәи аинтеграциеи рыдгылара азы. Қырҭтәыла анаԥхгара Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара иҿырԥшыгоу астратегиатә еиҩызара арҵаулара шазыхиоу даҽазныкгьы шьақәсырӷәӷәоит. Арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы ҳҳәынҭқаррақәа алагала ду рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара ҩганкалатәии ганрацәалатәии ҳаԥшьгарақәа арегион аҿы иҭышәынтәалоу аекономикатә ҿиареи аҭышәынтәалареи рзы акыр зҵазкуа ашьаҭа аԥырҵоит», – ианупаԥыза-министр идныҳәалараҿы.