Иракли Кобахиӡе – Қырҭтәылеи уи ахьыҧшымреи иахьагьы ихьанҭаӡоу ауадаҩрақәа ирҭагылоуп, аха, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара раҧхьатәи ашықәсқәа ирҿаҳарҧшыр, иахьа ақырҭуа жәлар иаҳа аҧышәа рымоуп
Қырҭтәылеи уи ахьыҧшымреи иахьагьы ихьанҭаӡоу ауадаҩрақәа ирҭагылоуп, аха, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара раҧхьатәи ашықәсқәа ирҿаҳарҧшыр, иахьа ақырҭуа жәлар иаҳа аҧышәа рымоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧгаз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, иахьа атәыла анапхгара азызуа аиҳабыра Қырҭтәыла ахьыҧшымреи амилаҭтә интересқәеи рыхьчоит.
„34 шықәса ирылагӡаны, Қырҭтәыла ауадаҩрақәа рацәа ирхысит. 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз 3 еибашьрак ҳхаагеит. 2004-2012 шықәсқәа рзы фактла ахьыҧшымра ҳцәыӡит, авторитаризми, агентуреи, аҧшьбатәи аибашьреи иҟан. Ажәлар рҧышәадареи аполитикцәа рчарҳәареи амшала ҳҵакырадгьыл 20 наӡына ҳцәыӡит. 2012 шықәса инаркны иахьанӡа, Қырҭтәыла ахьыҧшымра арҧсыҽра иакымкәа аҽазкрақәа ҳархысит, ҷыдала аҵыхәтәантәи 4 шықәса рзы.
Қырҭтәылеи уи ахьыҧшымреи иахьагьы ихьанҭаӡоу ауадаҩрақәа ирҭагылоуп, аха, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара раҧхьатәи ашықәсқәа ирҿаҳарҧшыр, иахьа ақырҭуа жәлар иаҳа аҧышәа рымоуп. Иахьа атәыла анапхгара азызуа аиҳабыра Қырҭтәыла ахьыҧшымреи амилаҭтә интересқәеи рыхьчоит.
Аекзестенциатә шәарҭарақәеи аганрацәалатә ачарҳәареи, Қырҭтәыла ахада лчарҳәарагьы шыҟазгьы, ажәлари дара иалырхыз анапхгареи ракзаареи цқьа ҳазхәыцны иҟаҳҵо ашьаҿақәеи рыбзоурала аҵыхәтәантәи ҩышықәса ирылагӡаны атәылаҿы аҭынчра ахьчара ҳалшеит“, – иҳәеит аҧыза-министр.