Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Италиатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Масимилиано Д’Антуоно диҧылеит.
Аҧыза-министр ипрессмaҵзура аинформациала, аиҧылараҿы аԥыза-министр италиатәи адипломат евроинтеграциа амҩаҿ Қырҭтәыла амоу апрогресс иазкны диацәажәан, наҟ-наҟтәи аинтеграциа апроцесс аҿы Италиатәи ареспублика адгылара аҵакы иазгәеиҭеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ҩ-тәылак реимадарақәа иаҳа рырҭбара аҵакы иалацәажәеит, ҷыдала иазааҭгылеит аекономикеи ахәаахәҭреи. Иара убас, аиҧылараҿы иалацәажәеит атәылахьчареи, аҵареи, акультуреи аусхкқәа рҿы Қырҭтәылеи Италиеи русеицура.
Иракли Кобахиӡе Масимилиано Д’Антуоно ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи рыдгыларазы.