«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински диҧылеит. Ари атәы аанацҳаит апартиа апресс-маҵзура.
Апартиа аофис хадаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аполитикатә ҭагылазаашьеи Еврокомиссиа 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцесси иалацәажәеит.