Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла арелигиарацәара ҳтәыла амоу зегь реиҳа идуӡӡоу амазароуп
Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла арелигиарацәара ҳтәыла амоу зегь реиҳа идуӡӡоу амазароуп

Қырҭтәыла арелигиарацәара ҳтәыла амоу зегь реиҳа идуӡӡоу амазароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа раҳаҭыр азы имҩаҧгаз ифтараҿ данықәгылоз.

Қырҭтәыла аԥыза-министр аԥсылманцәа руаԥшь ачгара ахыркәшареи анасыԥи, мышхәбзазареи, ақәҿиарақәеи ирзеиӷьаишьеит.

“Ҳаԥсылманцәа, иузеиҟәымҭхуа ҳахәҭа ҳтәыла аргылареи аҿиареи рҿы рылагала дууп. Қырҭтәыла иуникалу ҳәынҭқароуп, ҳтәылаҿ џьаамак аҟны ашиитцәеи асунитцәеи, ақырҭуааи азербаиџьанцәеи еицныҳәоит. Аԥсылманцәа аҳәынҭқарра аҟынтә 237 џьаама роухьеит, хара имгакәа иҵегьы 20 раҳҭоит. Аԥсылмантә уаԥшь афинансркра 4150000 лари иаҟароуп. Қырҭтәыла арелигиарацәара ҳтәылаамоу зегь реиҳа идуӡӡоу амазароуп. Аԥсылманцәа руаԥшь ачгара ахыркәшареи анасыԥи, мышхәбзазареи, ақәҿиарақәеи ирзеиӷьасшьоит,“ – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа раҳаҭыр азы имҩаҧгаз ифтараҿ иқәгылеит Арелигиа азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡеи, Мраҭашәаратә Қырҭтәыла амуфҭ Адам Шанҭаӡеи, Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәа ршеих Фаиг Набиеви, Мрагыларатә Қырҭтәыла амуфҭ Етибар Еминови.

Ифтараҿ иҟан Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министр  Ҭеа Ахвледиании анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчреи адипломатиатә корпуси ахаҭарнакцәа.