Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла Евроеидгылаҿ аинтеграциа наӡа азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, аиҳабыра русзура ари иазкызаауеит
Ҳтәылеи Евроеидгылеи рзааигәахара иазку атемақәа зегьы рзы Бриуссель активтә консультациақәа ҳамазаауеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Иракли Кобахиӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла Евроеидгылаҿ аинтеграциа наӡа азы алшо зегь ҟанаҵоит.
„Акандидат статус анашьара ашьҭахь, ҳусеицура иаҳа иактивхароуп. Ҳтәылеи Евроеидгылеи рзааигәахара иазку атемақәа зегьы рзы Бриуссель активтә консультациақәа ҳамазаауеит. Ассоциира амш аусхәаԥштә иалоу азҵаарақәа зегьы ҳрыхәаԥшуеит, урҭ рыбжьара жәабжьаграк рынагӡара азҵаарақәа. Қырҭтәыла Евроеидгылаҿ аинтеграциа наӡа азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, аиҳабыра русзура ари иазкызаауеит“, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.
Иракли Кобахиӡе аԥыза-министр иаҳасабла актәи авизитла Бриуссель ддәықәлоит. Кобахиӡе ивизит жәабран 20-21 рзы мҩаԥгахоит.