Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ҭынч мҩала хымԥада еиҭашьақәгылоит, афырхацәа гәҭакыс ирымаз хымԥада нагӡоит 
Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ҭынч мҩала хымԥада еиҭашьақәгылоит, афырхацәа гәҭакыс ирымаз хымԥада нагӡоит 

Арҭ арыцҳара ду амшқәа ҳаззегьы ибзиаӡаны иҳгәалашәоит, иара убас ҳаруаа фырхацәа рфырхаҵара дугьы ахаан иаҳхашҭӡом, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Мухаҭгверди, 2008 шықәсазтәи нанҳәатәи аибашьра иалаӡыз афырхацәа рнышәынҭраҿ даныҟаз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ҭынч мҩала хымԥада еиҭашьақәгылоит, афырхацәа гәҭакыс ирымаз хымԥада нагӡоит.

„Иахьа аибашьра иалаӡыз афырхацәа рыхьӡқәа патуқәҵарала иаҳгәалаҳаршәеит. Арҭ арыцҳара ду амшқәа ҳаззегьы ибзиаӡаны иҳгәалашәоит, иара убас ҳаруаа фырхацәа рфырхаҵара дугьы ахаан иаҳхашҭӡом. Урҭ Қырҭтәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылара акәын гәҭакыс ирымаз. , Қырҭтәыла атерриториатә акзаара ҭынч мҩала хымԥада еиҭашьақәгылоит, афырхацәа гәҭакыс ирымаз хымԥада нагӡоит“, – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.