Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла ацхыраара ахьаҭаху ауп Биӡина Иванишвили дахьыҟоу
Ақырҭуа аус адгылара ахьҭаху Биӡина Иванишвили уа дыҟоуп. Ақырҭуа ашьапылампыл ақәҿиара дадымгылар, уамашәа иубашан, – Facebook аҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Аҳәынҭқарра ахада ишазгәеиҭаз ала, раԥхьаӡа иргыланы, иҭабуп ҳәа аҳәара ахы аҳаҭырақәҵара аарԥшра ауп, рхы ҳаҭыр шақәырҵо ақырҭуа ашьапылампыласыҩцәа изныкымқәа шьақәдырӷәӷәахьеит.
“Ҳтәыла ақәҿиарақәа аназгәанаҭо, “Амилаҭтә ҵысра” ргәы ԥжәоит, иргәаԥхом. Убри азоуп ҳшьапылампыласыҩцәа ҳажәлар ирзааргаз агәырӷьара “аҟаара” ала аԥырхарахара изырҽазыркыз.
Ҳшьапылампыласыҩцәа арҭ ажәа бааԥсқәа рхыхьы ирымгароуп. Аӷа дануқәыӡбо, иҟауҵо аус ииашоуп, уара уиашоуп ҳәа иаанагоит. Урҭ ҳтәыла аӷацәа роуп, шәара шәпатриотцәоуп.
Алибералтә фашизм Қырҭтәылеи ақырҭуа шьапылампыли рырҿиара аԥырхагахара азалшом. Агәра ганы сыҟоуп, ҳаԥхьаҟа ихәыҷу, аха аԥагьара ду змоу ҳтәыла, Қырҭтәылеи апатриотцәеи ирыхәҭоу аиааирақәа ҳаԥхьаҟа ишырацәоу”, — иҳәеит аԥыза-министр.