Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга алахәылацәа Европа ачемпионатаҿ ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит  
Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга алахәылацәа Европа ачемпионатаҿ ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит  

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Қарҭ ахада Каха Калаӡеи Қырҭтәыла амилаҭтә ашьапылампылтә аизга алахәылацәа ирҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Диуссельдорфҟа днеины, Европа ачемпионатаҿ аицлабрақәа иалагаанӡа, ақырҭуа ашьапылампыласҩцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Аҧыза-министр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла зегьы еидызкылаз, амилаҭтә аизга аҭоурыхтә аиааира аҵакы, иара ишиҳәаз ала, Европа ачемпионатаҿ астадионаҿ ақырҭуа азгәыбылҩцәа рацәахоит.

„Аиааирақәеи ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьар сҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳтәыла даҽа гәырҕьарак шазаажәго”, – иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы ашьапылампыласҩцәа данырҧылоз.

Иара убас, Иракли Кобахиӡе  Ашьапылампыл азы афедерациа инанагӡаз ароль ду иазгәаҭаны, афедерациа ахада Леван Кобиашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Аҧыза-министр аспорт адгылара иазкны аиҳабыра ирымоу апланқәа дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала,  Қарҭ 70 нызқьҩык ахәаҧшцәа  рзы иазҧхьагәаҭоу астадион ҿыц дыргылоит, иара убас, атәыла зехьынџьара аспорттә инфраструктура аҿиара азҵаара хшыҩзышьҭра ду амазаауеит.

Амилаҭтә аизга алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгыланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит Қарҭ ахада Каха Калаӡегьы.

Германтәыла Европа ачемпионат мҩаҧысуеит рашәара 14 инаркны ҧхынгәы 14-нӡа. Қырҭтәыла аизга F агәыҧаҿ, Ҭырқәтәылеи, Портулагиеи, Чехиеи реизгақәа ирацлабуеит. Қырҭтәылазы ари атурнир иалагоит рашәара  18 рзы, аҭырқәа аизгаҟны аматч ала. Анеҩстәи ахәмарра мҩаҧысуеит рашәара 22 рзы, аҵыхәтәантәи аматч – рашәара 26 рзы, уи аҽны ақырҭуа аизга Португалиа иацлабуеит.