Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла анапхгара аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рҟны арратә аимак зхылҵыр зылшо апровокациақәа зегьы ирҿагылоит
Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, «Иаку амилаҭтә ҵысра» еиҿыркаауа апровокациақәа зегьы хықәкык ауп ирымоу – Қырҭтәыла Украина имҩаҧысуа аибашьра аҽаланагалар рҭахуп, насгьы, Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аҩбатәи афронт аартра иазҿлымҳауп.
Иара иажәақәа рыла, Амилаҭтә ҵысра ахаҭарнакцәа еибашьрала атәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргыларазы ааҧхьара ҟарҵоит.
Кобахиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла анапхгара аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара аполитика ишазгәыку.
Иара иажәақәа рыла, аешьцәа реибарҧсратә еибашьра ҿыц зыҟалом.
«Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы иҳалшо акоуп, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра асоциалтә проблемақәа рыӡбараҿы ҳрыцхраароуп. Даҽазнык ишьақәҳарҕәҕоит Қырҭтәыла анапхгара Қырҭтәыла аинтересқәа рыхьчара шынарыгӡо, «аибашьратә партиа» алахәылацәа еиҿыркаауа апровокациақәа зегьы иахәҭоу аҭак шрырҭо, арратә аимак ашҟа Қырҭтәыла алагалара азин шрырымҭо. Ҳара ҳтәылеи ҳуааҧсыреи рҿаҧхьа уи азы аҭак ҳаҧхықәуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.