Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла амилаҭтәи адемократиатәи интересқәа аҵыхәанӡа иҳахьчоит, убасҟан ауп атәыла аекономикатә аҿиара еиқәзыршәо апроектқәа зегьы рынагӡара анҳалшо
Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла амилаҭтәи адемократиатәи интересқәа аҵыхәанӡа иҳахьчоит, убасҟан ауп атәыла аекономикатә аҿиара еиқәзыршәо апроектқәа зегьы рынагӡара анҳалшо

Иракли Кобахиӡе  – Қырҭтәыла амилаҭтәи адемократиатәи интересқәа аҵыхәанӡа иҳахьчоит, убасҟан ауп атәыла аекономикатә аҿиара еиқәзыршәо апроектқәа зегьы рынагӡара анҳалшо

 

Қырҭтәыла амилаҭтәи адемократиатәи интересқәа аҵыхәанӡа иҳахьчоит, убасҟан ауп атәыла аекономикатә аҿиара еиқәзыршәо,  ауаа мышәхыбызазара рзаазго  апроектқәа зегьы рынагӡара анҳалшо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.

Аҧыза-министр иҳәамҭала,  аиҳабыра,   „Игл Ҳилс“ дареи ирыбжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы аҭак рыҭара иазыхиоуп,  аргылара аплан хада шьақәдырҕәҕәоит иаартны,  азакәан ала иазҧхьагәаҭоу апроцедурақәа иазҧхьагәаҭаны.

„Ари аиқәшаҳаҭра акоммерциатә амаӡа астатус анашьара ҳалацәажәозар,  ари афакт,  ганкахьала,  Қырҭтәыла азакәанҧҵара иашьашәалоуп,  егьи аганахьала,  ари аӡбара ҳадаҳкылеит жәларбжьаратәи апрактика иашьашәаланы. Аҳәынҭқарра,  ахатә уааҧсыра акгьы рцәыҵәанахуам,  ҳара ари аиқәшаҳаҭра иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы аҭак рыҭара ҳазыхиоуп. Аха, иарбанзаалак акоммерциатә еилахәыра аиқәшаҳаҭра адетальқәа маӡала иаанхар аҭахуп,  избанзар,  наҟ-наҟ егьырҭ апотенциалтә партниорцәа рацәажәара иаҳа ирзымариахоит. Убри азоуп ари аиқәшаҳаҭра акоммерциатә амаӡа астатус занашьоу. Еиҭасҳәар сҭахуп,  ҳара азҵаарақәа зегьы аҭак рыҭара ҳазыхиоуп, аргылара аплан хада шьақәдырҕәҕәоит иаартны,  азакәан ала иазҧхьагәаҭоу апроцедурақәа иазҧхьагәаҭаны.

Қырҭтәыла амилаҭтәи адемократиатәи интересқәа аҵыхәанӡа иҳахьчоит, убасҟан ауп атәыла аекономикатә аҿиара еиқәзыршәо апроектқәа зегьфы рынагӡара анҳалшо“, – иҳәеит аҧыза-министр.