Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла, аимадара арҕәҕәара аганахьала, Европазы ароль ҷыда нанагӡар алшоит, европатәи ҳколлегацәа  рацәажәараан  зҵакы дуу азҵаарақәа ируакхоит Евроеидгыла арҭбаара азҵаара
Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла, аимадара арҕәҕәара аганахьала, Европазы ароль ҷыда нанагӡар алшоит, европатәи ҳколлегацәа  рацәажәараан  зҵакы дуу азҵаарақәа ируакхоит Евроеидгыла арҭбаара азҵаара

«Ҳколлегацәа азҵаарақәа зегьы рзы ҳрацәажәоит, аполиткиатә зҵаарақәагьы уахь иналаҵаны, зҵакы дуу азҵаарақәа ируакхоит Евроеидгыла арҭбаара азҵаара», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Британиа Ду ажурналистцәа данарцәажәоз, уаҟа иара Европатәи аполитикатә аидҵара 4-тәи асаммит ихы алаирхәоит.

Кобахиӡе игәаанагарала, Қырҭтәыла, аимадара арҕәҕәара аганахьала, Европазы ароль ҷыда нанагӡар алшоит.

«Иахьа сара Европатәи аполиткиатә аидҵара аҧшьбатәи асаммит схы аласырхәоит. Ари ахҭыс аҵакы ду амоуп. Ахадаратә ҵакы зауа атемақәа иреиуп аимадара азҵаара. Лымкаала, аенергетикатә аимадара, ҳәарада, сара европатәи ҳколлегацәа идсырдыруеит ари азҵаараҿы Қырҭтәыла ароль ҳшахәаҧшуа. Қырҭтәыла,  аимадара арҕәҕәара аганахьала,  Европазы ароль ҷыда нанагӡар алшоит, жәаҳәарада, европатәи ҳколлегацәа ари азҵааразы ҳрацәажәоит», — иҳәеит  Кобахиӡе.