Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аиҳабыра аартызаара европатәи астандарт аладырҵәахьеит, уажәшьҭа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рдонорцәеигьы европатәи астандартқәа ирықәныҟәароуп
Қырҭтәыла аҧыза-минситр Иракли Кобахиӡе „Атәым анырра аартызаара иазку” азакәан дахцәажәеит.
«Аҧыза-министрс саныҟала, зегьы раҧхьа исыдыскылаз аӡбарақәа руакы Қырҭтәыла аиҳабыра русура аартызаара иадҳәалоуп. Ҳара апринциптә шьаҿа ҟаҳҵеит, раҧхьатәи амш инаркны Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарақәа зегьы аргама ицәырыргоит. Убри адагьы, аминистрцәа зегьы, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы срыҳәеит азеиҧш информациа аиура иазкны ҳтәылауаа иҟарҵо аҳәара цыҧхьаӡа иақәҿырҭырц. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалеи ахарџьқәеи ирызку аинформациа зегьы аартуп, убри аҟынтә, уамашәа иубаратәы иҟам „Иаарту абиуџьет аиндекс” аҿы Қырҭтәыла адунеиаҿ актәи аҭыҧ ахьааннакыло.
Уара уиашазар, цәгьарак ҟауҵар уҭахымзар, аҳасабырбаразы аҧхықәра ацәгьареи агхақәеи рыцәцаразы иреиҕьу мҩоуп. Хаҭала сара аартызаара ауп европатәи апринципс исыҧхьаӡо, аартымзаара – европатәи апринципқәа ирышьашәалам. Аартызаара аминималтә стандартқәа рықәныҟәареи шықәсыктәи афинанстә декларациа ацәыргареи иуҭахымзар, уи зынӡаскгьы европатәи апринципқәа ирнаалом. Усҟан лабҿаба иубарҭоуп уаҟа цәгьарак шыҟауҵо, маӡак шумоу.
Агәра ганы сыҟоуп азакәан ҿыц адонорцәагьы ишрыхәо, дара аҧара ззоурыжьҭуа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи рыла Қырҭтәылаҿ арадикализациеи аполиаризациеи арҕәҕареи, ареволиуциатә процессқәа рыдгылареи, алхратә быжьқәа еицҵаратәны рыҧхьаӡара алҵшәақәа рҧаршеиреи, аибашьра апропагандеи, апсевдолибералтә идеологиа аларҵәареи, Қырҭтәыла амилаҭтәи арелигиатәи ҷыдарақәа рыҿагылареи, адезинформациа ала аҳәынҭқарратә институтқәа рырҧсыҽра аҽазкреи иадҳәаланы аҧхашьара иақәшәом.
Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, уамашәа иубаратәы иҟам асоциологиатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла асоциалтәии аҳәынҭқарратәи институтқәа рыбжьара иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рахь агәрагара абас ахьмаҷу. Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи рхымҩаҧгашьа рдонорцәа рыхьӡгьы ланарҟәоит. Агәра ганы сыҟоуп „Атәым анырра аартызаара иазку” азакәан абри агра ариашараҿы алагала ду шыҟанаҵо.
Аҵыхәтәантәи аамҭа иалагӡаны акандидат астатус аиураҿы Қырҭтәыла иаҧырхагаз Европа аҿагыларатә мчқәа идеиақәак ҳадарҵалар рҭахуп, аибашьра ҭынчроушәа, аргылара арбгароушәа, ҧхьаҟацара ахьаҵроушәа, аартымзаара Европа акәушәа агәра ҳдыргар рҭахуп. Ақырҭуа жәлар арахә рферма еиҧш уанрыхәаҧшуа, абри аҩыза амц анроуҳәо, уаанӡа иумаз агәрагара хәыҷгьы шуцәыӡуа удыруазароуп.
Еиҭасҳәар сҭахуп, сара сзы Европа аартызаареи ажәлар рҿаҧхьа аҳасабырбареи ауп иаанаго. Қырҭтәыла аиҳабыра аартызаара европатәи астандарт аладырҵәахьеит, уажәшьҭа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи рдонорцәеигьы европатәи астандартқәа ирықәныҟәароуп. Жәаҳәарада, „Атәым анырра аартызаара иазку” азакәан ари аус аҿы даараӡа ирыцхраауеит», — иҳәеит Кобахиӡе.