Иракли  Кобахиӡе  - Қырҭтәыла, адунеи    200 иреиҳаны аолимпиатә аизгақәа рыгәҭа 14-тәи аҭыҧ ааннакылоит, ҳтәыла хәыҷы азы ари ақәҿиара даараӡа идууп
Иракли  Кобахиӡе  - Қырҭтәыла, адунеи    200 иреиҳаны аолимпиатә аизгақәа рыгәҭа 14-тәи аҭыҧ ааннакылоит, ҳтәыла хәыҷы азы ари ақәҿиара даараӡа идууп

«Уажәазы ҳтәыла  адунеи    200 иреиҳаны аолимпиатә аизгақәа рыгәҭа 14-тәи аҭыҧ ааннакылоит, ҳтәыла хәыҷы азы ари ақәҿиара даараӡа идууп, аолимпиатә аизга алахәыла цыҧхьаӡа уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр, Лаша Беқаури ахьтәы медали Тато Григалашвили араӡнытә медали агара рыдиныҳәалеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы  иахьа иқәгыло   ҩыџьа ақырҭуа олимпицәа    — аӡиудоист Илиа  Суламаниӡеи абоксиор  Лаша Гурулии ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

«Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы иацтәи ҳақәгылара ақәҿиара ду ҳзаанагеит. Лаша Беқаури аҩбатәи аолимпиатә медаль идысныҳәалар сҭахуп, Лаша иҳәатәы наигӡеит, хышықәса раҧхьа ажәа ҳаиҭеит  хынтә аолимпиатә медаль шиго азы, аҩбатәи ахьтәы медаль игахьеит. Иареи ҳтәылеи абри ақәҿиара ду рыдысныҳәалар сҭахуп. Иара убас, Тато Григалашвили  араӡнытә олимпиатә медаль агара даҽазнык идысныҳәалар сҭахуп.

Уажәазы ҳтәыла  адунеи    200 иреиҳаны аолимпиатә аизгақәа рыгәҭа 14-тәи аҭыҧ ааннакылоит, ҳтәыла хәыҷы азы ари ақәҿиара даараӡа идууп, аолимпиатә аизга алахәыла цыҧхьаӡа уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит.

Иахьа ҩыџьа ҳолимпицәа иқәгылоит   — аӡиудоист Илиа  Суламаниӡеи абоксиор  Лаша Гурулии, дареи,  анеҩстәи амшқәа рзы инеизакны акамандеи ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьар сҭахуп», — иҳәеит аҧыза-министр.