Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы иаарԥшу агәынамӡара садгылоит
Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы иаарԥшу агәынамӡара садгылоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы иаарԥшу агәынамӡара садгылоит, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе чамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа  еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара иазку Урыстәыла ампыҵахаларатә режим аӡбара данахцәажәоз.

„ Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа алнарҵәеит, ари аофициалтә ҳәамҭа анапхгара рпозициа аанарԥшуеит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы иаарԥшу агәынамӡара садгылоит“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа ари атәы ааицҳаит аҭыжьымҭа „Известия“ аинтервиу анаиҭоз ишааицҳаз, Урыстәыла анапхгара импыҵахалоу Аҧсны, Очамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа  еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп, Урыстәылеи Аҧсны асепаратисттә режими иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы иазгаоуп:„Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы арра-амшынтә мчқәа еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵареи Урыстәыла аԥшьгарала иалагоу аингетрациатә процессқәа Аԥсны арегион аҽалархәреи ирызку аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит“.