Иракли Кобахиӡе Қедаҿ аҧсабаратә рыцҳара аҧыхратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит
Иракли Кобахиӡе Қедаҿ аҧсабаратә рыцҳара аҧыхратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қеда амуницирпалитетаҿ, Пирвели маиси ақыҭан аҧсабаратә рыцҳара аҧыхратә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит.  

Аҧыза-министр иҭахаз аполициа аусзуҩ Ҭемур Барамиӡе иҭаацәара дырҭааины, дрыдашшылеит. 

Иракли Кобахиӡе ицны Қеда амуниципалитетаҿ иҟан Қырҭтәыла арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, Қырҭтәыла аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиеи, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациаҿ иҟоу  Ауаажәлар рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡеи, аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәеи.