Иракли Кобахиӡе Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситетаҿ иаарту алеқциа даҧхьеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситетаҿ (KIU) иаарту алеқциа даҧхьеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет астудентцәа атәылаҿ иҟоу анапхгараҭаратә системеи аполитикатә процессқәеи ирызкны драцәажәан, рызҵарақәа аҭак риҭеит. Иаарту алеқциа анеҩс, аҧыза-министри, аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гьаргь Амилахварии, ауниверситет анапхгареи KIU акампус рбеит. Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет – агәыҳалалратә мегапроектуп, уи аҧара азоунажьҭуеит жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд „Қарҭу“, апроект абиуџьет 1 миллиард евро иаҟароуп. Ауниверситет ашьаҭаркра иаҧшьаргеит Биӡина Иванишвилии иҭаацәареи.
2020 шықәса ҭагалан раҧхьатәи астудентцәа здызкылаз Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситетаҿ уажәазы аҵара рҵоит 1200-ҩык иреиҳаны астудентцәа.