Иракли Кобахиӡе Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет аректор ҿыц Гьаргь Хубуа диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, аҵареи, аҵрадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари дицны, Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет (KIU) аректор ҿыц Гьаргь Хубуа диҧылеит.
Аиҧылараҿы Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет аҵаратә программа ҿыцқәа рҿиара ахырхарҭала иҟоу апланқәа ирылацәажәеит.
Аҧыза-министр ауниверситет аректор ҿыц ақәҿиарақәа изеиҕьашьаны, аиҳабыра рыхьӡала адгылара дақәиргәыҕит.
Аиуристтә ҵарадыррақәа рдоктор, апрофессор Гьаргь Хубуа академиатә усура аганахьала акыршықәсатәи аҧышәа имоуп. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Иуане Џьавахьишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ректорс дыҟан, Қырҭтәыла Аҵарауаа ракадемиа иаҵанакәа Аҳәынҭқарреи азини ринститут адиректори аҵарауаҩ-усзуҩи рҭыҧқәа ааникылон, 40 инареиҳаны аҵарадырраҭҵааратә усумҭақәа дравторуп, урҭ рыбжьара, 7 монографиаки арҵагашәҟәыки дравторуп.
Агәыҳалалратә мегапроект – Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет ашьаҭаркра аидеиа Биӡина Иванишвилии иҭаацәареи иртәуп. Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд „Қарҭу“, афилантропиа асахьала, ауниверситет аҿиара иаланаҵеит 1 миллиард евро еиҳаны.
KIU ашҟа раҧхьатәи астудентцәа рыдыркылеит 2020 шықәса ҭагалан, иахьазы ари аусниверситет иҭоуп 1200ҩык иреиҳаны астудентцәа. KIU Миунхен иҟоу иреиҕьу европатәи атенхникатә университет (TUM International GmbH-и TUM-и) аус рыцнауеит, уи аҳаҭыртә ахада иоуп TUM ҧасатәи ахада, апрофессор Вольфганг Ҳерман.