Иракли Кобахиӡе Қәҭешь анхарҭатә комплекс  аргыларатә усурақәа гәеиҭеит, уаҟа  720 ихҵәоу аҭаацәарақәа ауадақәа роуеит 
Иракли Кобахиӡе Қәҭешь анхарҭатә комплекс аргыларатә усурақәа гәеиҭеит, уаҟа  720 ихҵәоу аҭаацәарақәа ауадақәа роуеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыреи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Михаил Сарџьвелаӡе дицны, Қәҭешь, ахҵәацәа ирызку анхарҭатә комплекс  аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит, уаҟа 720 ихҵәоу аҭаацәарақәа ауадақәа роуеит.

Никеа амҩаҿ 12 еихагылақәа зауа 3 корпуск рыргылара иаҿуп. Аргылара абиуџьет  77 347 872  лари иаҟароуп. Хара имгакәа, ахҵәацәа арҭ акорпус ҿыцқәа рҿы ирҽеиу  ауадақәа роуеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аинфраструктуратә усурақәа шымҩаҧысуа ибеит. Анхарҭатә комплекс агәараҿ астадиони, ахәыҷқәа ирызку агәырҿыхаратә ашҭеи, абҩарҵәыратә қәыҧшылареи еиҿыркаауеит. Аргыларатәи арҽеиратәи усурақәа мҩаҧнагоит аилахәыра  “Анаги”.

Ахҵәацәа рнырхара амзызла, Қырҭтәыла 5 қалақьк рҿы – Қарҭи, Борџьоми, Русҭави, Қәҭешь, Жәыргьыҭи анхарҭатә корпусқәа рыргылара иаҿуп. Зынӡа анхарҭақәа роуеит 13 000 ихҵәоу аҭаацәарақәа.