Иракли Кобахиӡе португалиатәи абызшәала ицәажәо атәылақәа реиҩызара аделегациа алахәылацәа дырԥылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе португалиатәи абызшәала ицәажәо атәылақәа реиҩызара (CPLP) аделегациа алахәылацәа дырԥылеит.
Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи CPLP-и аиҩызара иалоу атәылақәеи ирыбжьоу аусеицура арӷәӷәареи апартниорра арҭбаара аперспективақәеи ирыхәаԥшит.
Аганқәа аиҩызара иалоу атәылақәеи атәыла анаԥшцәеи ирыбжьоу аекономикатә аусеицура арӷәӷәара иазааҭгылеит. Иара убас ирыхәаԥшит адунеи аҿы аҭыԥ змоу аполитикатә процессқәа.
Аделегациа анапхгаҩы Қырҭтәыла атерриториатә акзаара адгылареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхамҵареи шьақәирӷәӷәеит.
Қырҭтәыла ассоциациа змоу анаԥшҩы аҳасабла португалиатәи абызшәала ицәажәо атәылақәа реиҩызара 2014 шықәсазы иалалеит.