Иракли Кобахиӡе Париж имҩаҧгаз аспорттә саммити Аолимпиада иалахәы аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз адкылареи аҿы дыҟан
Иракли Кобахиӡе Париж имҩаҧгаз аспорттә саммити Аолимпиада иалахәы аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа раҳаҭыр аҟынтә имҩаҧгаз адкылареи аҿы дыҟан

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Аолимпида иалахәу аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа рыгәҭа, Париж имҩаҧгаз асаммит  «Аспорт иҭышәынтәалоу аҿиаразы» ихы алаирхәит.

Ари аинформациа аланарҵәеит аҧыза-министр ипрессмаҵзура.

Дара ринформациала, Франциа аҿиара агентра (AFD) ала еиҿкааз ауснагӡатә аартын  AFD агенералтә директор Реми Риу иқәгыларала. Асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет ахада Томас Бахи Франциа ахада Еммануель Макрони.

Ауснагӡатә аҿы еизаз  500ҩык раҟара алахәылацәа иреиун аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәеи, иара убас, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аспорттә федерациақәеи рхаҭарнакцәеи.

Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет ахада Томас Бах ихьӡала, Парижтәи Аолимпиада аартра ацеремониашҟа инеиз аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа раҳаҭыр аҟынтә Лувр имҩаҧгаз адкылараҿгьы дыҟан.